АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 6:55

Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара "Инфраструктурное развитие" адгьылаҵантәи аӡрыжәтә аҵхразы азин аиуит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Инфраструктурное развитие» Гәылрԥшь араион Бабышьра ақыҭан иҟоу В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҳаирбаӷәазатә комплекс аҵакыраҿы иҟоу аӡаҵантәи аӡрыжәтә ыҵхырҭа 25 шықәса инареиҳаны ахархәаразы азин анаҭахеит.  

Адгьыл иҵоу ахархәаразы зныктәи ашәатәы ашәагаа шьақәыргылоуп ашықәсбжьара адгьылаҵантәи иҵххо аӡрыжә азы еиԥырҟьам ашәатәқәа рхышәа-ҵышәа аҟынтәи  15% рыла.

Аекономика аминистрра ахь адҵа ҟаҵоуп Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара  «Инфраструктурное развитие» адгьылаҵантәи абеиарақәа рхархәаразы аиқәшаҳаҭра абжьаҵаразы.  

Адгьылхархәареи акадастири рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ала адгьылаҵантәи абеиарақәа рхархәаразы азин зырҵабырго алицензиа аҭаразы аизга 10 000 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.


Read 97 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.