АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 20:32

Бадра Гәынба асенатор Алеқсандр Карелини Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Светлана Журовеи идикылеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Урыстәылатәи Афедерациа асенатор,  хыттәи Аолимпиатә чемпион Алеқсандр Карелини Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутат, жәларбжьаратәи аусқәа рзы Аҳәынҭқарратә Дума Акомитет ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Светлана Журовеи идикылеит. Урҭ Аҟәаҟа иааит ареспубликатә политикатә партиа «Аԥсны акзаара» Аизараду ҳаҭыр зқәу асасцәа раҳасабала рхы аладырхәырц. 

Аиԥылара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба.

«Аԥсны шәбара ҳаигәырӷьоит! Бзиала шәаабеит! Шәара ҳтәыла шәаҩызцәаны шәыҟоуп,  изныкымкәагьы шәаахьеит. Ҳара ҩаԥхьа арахь шәаара гәахәарыла иҳадаҳкылоит. Урыстәылатәи Афедерациа иҳанаҭо ацхыраара ахә ашьара уадаҩуп. Урыстәыла есымша аиашареи аҵабырги иадгылон, ҳаргьы уи адгылара ахаангьы иаҳныруан. Ҳаизыҟазаашьақәа, ахәҭакахьала ҳтәылақәа рпарламентқәа рдепутатцәа  рыбжьара аимадара есымша аԥхарра аҵан. Шәара иахьа ҳаҭыр зқәу асасцәа раҳасабала ареспубликатә политикатә партиа «Аԥсны акзаара» Аизараду шәахьалахәхо ҳара ҳаизааигәара ҩаԥхьа иарҵабыргуеит,  ҳтәылақәа рыжәларқәа реизҳазыӷьаразы аусеицура ҳшазхьоу, хра злоу аизыҟазаашьақәа рзы ҳшаарту аанарԥшуеит», — ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

«Ҳара Аԥсныҟа ҳаареи аполитикатә партиа «Аԥсны акзаара» Аизараду ҳалахәхареи апартиақәа реизааигәареи ракзаареи арҵабыргуеит. Ҳара хра злоу аҿиаразы аусеицура ҳазхиоуп», - ҳәа иҳәеит Алеқсандр Карелин.

«Акультуратәи адоуҳатәи аимадарақәа, иара убас аҵарадырра аусхкы аҿы аусеицура ирыбзоураны, атәылақәа  иуникалу рхаҭашьара еиқәдырхоит, аҿиарагьы алдыршоит. Арҭ аԥшьгарақәа аидгылареи аиҩызареи рыла ишьаҭарку жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара шалшо зырҵабырго  хра злоу ҿырԥшны иҟалоит», - ҳәа илҳәеит Светлана Журова.


Read 52 times - Аԥшьаша, 09 Жьҭаара 2025 14:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.