– хҩык рҟынтәи хәҩык рҟынӡа ахәыҷқәа змоу аҭаацәа — хәыҷык изы 1 000 мааҭ (уажәы урҭ хәыҷык изы ироуеит 500 мааҭ);
– ф-ҩык рҟынтәи жә-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа змоу аҭаацәа – хәыҷык изы 3 000 мааҭ (уажәы урҭ хәыҷык изы ироуеит 1500 мааҭ);
– жәаҩык инареиҳаны ахәыҷқәа змоу аҭаацәа рзы – хәыҷык изы 6 000 мааҭ (уажәы урҭ хәыҷык изы ироуеит 3000 мааҭ).
Иарбоу ақәҵара анагӡара ахылаԥшра аҭаразы аҭакԥхықәра адҵоуп асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи Рминистрра.
Аԥаратә цхыраагӡатә шәатәқәа ршәагаа ашьҭыхра зынӡа иаҵанакуеит 5500 инареиҳаны ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәара.
«2016 шықәса инаркны ҳара аԥаратә цхыраагӡатәқәа шьҭаҳамхыцӡацызт. Иарбоу ашәарақәа рҿы аиҭакрақәа ирықәшәоит — 5500 инареиҳаны аҭаацәареи 16000 рҟынӡа ахәыҷқәеи. Ашәарақәа рынагӡаразы иназыцҵаны иаҭаххоит 75 млн. мааҭ рҟынӡа», -ҳәа иҳәеит асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба.
Аԥыза-министр Владимир Делба ақәрала ашәарақәа рыԥкра азҵаара дазааҭгылеит.
Уи ахәыҷқәа 18-шықәса анырхыҵлак ашьҭахь урҭ ирызку ашәарақәа рыԥкразы ажәалагала ҟаиҵеит. Иара иажәақәа рыла, уи аԥаратә цхыраагӡа ашәагаа аиндексациазы алшара аԥнаҵоит.