АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Жьҭаара.2025

Аконфискациа зызуз Аԥснытәи амашьынақәа хәба Иҷыдоу арратә Операциа аҭаххрақәа рынагӡаразы идәықәҵахеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳазалхратә закәанԥҵара аилагара афактқәа рыла иаанкылаз Ареспублика Аԥсны аҟынтәи автомашьынақәа Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра ахь ииагоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Ҳазалхратә Маҵзура Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа  апресс-маҵзура.

Автомашьынақәа Toyota Alphard, Toyota Corolla, Toyota Vellfire, Volksvagen Tiguan, Honda Stepvagon Ганрацәалатәи автомашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы аҳазалхратә ҳәаа ахысраан иаанкылан.  

Амашьынақәа рымхара мҩаԥган еиуеиԥшым аҳазалхратә ԥҟарақәа реилагара афактқәа рыла: аҳәаанырцәтәи атранспорттә хархәагақәа аамҭалатәи ралагалара аҽҳәара аилагара, иҵәахны аҭаҭын аалыҵ аиагара аҽазышәара, атауар даҽа тауарк аԥшра аҭаны аиагара аҽазышәара.  Аӡбарҭа азыӡбала атранспорттә хархәагақәа зегьы аконфискациа мҩаԥгоуп, урҭ аҳәынҭқарра ахатәраны иазхаҵоуп.

Иахәҭоу аусшәҟқәа реиқәыршәара ашьҭахь, аҳазалхра аусзуҩцәа аконфискациа зызуз амашьынақәа зегьы атәылахьчара Аминистрра ахаҭарнакцәа ирырҭеит.


Read 63 times - Ахәаша, 10 Жьҭаара 2025 16:09
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.