АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 22:32

Илегендатәу аспортсмен Алеқсандр Карелин Лыхны ақыҭан аҟазара-акласс мҩаԥигеит.

Аҟәа.  Жьҭаарамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Илегендатәу аспортсмен, абырзен-ауримтәи стиль ала аиқәԥара азы хынттәи аолимпиатә чемпион Алеқсандр Карелин жьҭаарамза 9 рзы Лыхны ақыҭан аҟазара-акласс мҩаԥигеит.

Аусмҩаԥгатә мҩаԥысит акультура Аҩны аҿы иҟоу, ааигәа еиҭашьақәыргылахаз зхы иақәиҭу аиқәԥаразы азал аҿы. Азал аиҭашьақәыргылара мҩаԥган Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иаԥшьгарала.

Алеқсандр Карелин иаара акыр зҵазкуа хҭысны иҟалеит. Уи иаднаԥхьалеит Аԥсны зегьы аҟынтәи аспортсмен ҿарацәа. Аҟазара-акласс аҿы иара «алахәылацәа ирзеиҭеиҳәеит имаӡоу аҽазыҟаҵара априомқәа ртәы, иара убас ирзеиҭеиҳәеит ихаҭа дызнысыз аспорттә мҩа атәы, иара убас аиқәԥара аклассиканы иԥхьаӡахаз априиомқәа   лабҿаба идирбеит», ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

  


Read 58 times - Ахәаша, 10 Жьҭаара 2025 17:53
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.