АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 22:32

Аҿыкчымазарақәа рыпрофилактика иалацәажәеит агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы.

Аҟәа. Жьҭааармза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра аделегациа идикылеит.  

Аиԥылараҿы аԥсыԥ лага-ҩагаратә авирусттә ҿыкчымазарақәа аепидемиатә сезон аҽазыҟаҵара уахь иналаҵаны, аҿыкчымазарақәа рыпрофилактика амҩаԥгара иадҳәалоу аспект хадақәеи ауааԥсыра рыбжьара аҽыхьчагатә лаҵа амҩаԥгареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.  

Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан аепидемиологиатә хылаԥшреи агәаҭареи рганахьала аԥышәеимадареи, иара убас аҿыкчымазарақәа ралаҵәара аԥхьырҟәҟәаара иазку астратегиатә азԥхьагәаҭареи.

Урыстәылатәи аделегациа аилазаараҿы иҟан – Афедералтә ҳәынҭқарратә Абиуџьеттә Усбарҭа аклиникатә вирусологиа Ацентр (ФГБУ «НМИЦ ФПИ») анапхгаҩы Мариа Ласеевеи аҿыкчымазарақәеи аепидемиологиеи  ркафедра анапхгаҩы, амедицинатә наукақәа рдоктор, апрофессор, Аладатәи Афедералтә Округ аҿы Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра аҿыкчымазарақәа рзы аштатнҭыҵтәи аспециалист хада  Владимир Городини.

Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апрофильтә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, Асанитар-епидемиологиатә Маҵзура анапхгара. 


Read 53 times - Ахәаша, 10 Жьҭаара 2025 18:15
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.