АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Жьҭаара.2022

АПРОФИЛТӘ КОМИТЕТ АҾЫ «АГЕОДЕЗИАТӘИ АХСААЛАГРАФИАТӘИ УСУРЕИ АНАӠААӠАРАТӘ РБАГАҚӘА РЫԤШААРЕИ РЕИЗГАРЕИ АУС РЫДУЛАРЕИ РЗЫ» АЗАКӘАНАПРОЕКТ ААИГӘА ИМҨАԤЫСУА АИЛАТӘАРАҞНЫ АКТӘИ АԤХЬАРААН АШЬАҚӘЫРӶӘӶӘАРА АПАРЛАМЕНТ АБЖЬГАРА АЗЫ АЗЫӠБА ШЬҬЫРХИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 12 рзы имҩаԥысит Аграртә политикеи, аԥсабаратә лшарақәеи, аекологиеи рзы аилак аилатәара.

Аилак аилатәара мҩаԥигеит уи ахантәаҩы Ҭемыр Беиа. Иалахәын Апарламент адепутатцәа, АУ «Аҳәынҭқарратә кадастртә палата» адиректор Ҭемыр Сангәлиа, Адгьылхархәареи акадастри рзы Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа аиҳабы Адамыр Аҳәба, уи ихаҭыԥуаҩ Зураб Оҭырба, Аԥсны Ахада Иадминистрациа аҳәынҭқарра-зинтә усбарҭа аиҳабы  Наҭела Ломиа.

Аилатәара амшхәаԥштә инақәыршәаны иахәаԥшын «Агеодезиатәи ахссалаграфикатәи усуреи анаӡааӡаратә обагақәеи рзы» азакәан апроект. Азакәан апроект иҳәаақәнаҵоит Агеодезиатәи ахссалаграфикатәи усура аусхк аҟны аизыҟазаашьақәа, анаӡааӡаратә рбагақәа рыԥшаареи, реизгареи, аус рыдулареи, рыдгалареи, рыларҵәареи надкыланы, урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп аинформациатә системақәа рхархәарагьы. Ари азакәанапроект иахәаԥшны, адепутатцәа азыӡба шьҭырхит Апарламент иабжьыргарц ааигәа имҩаԥысуа аилатәараҟны актәи аԥхьараан ашьақәырӷәӷәара.

Аилак аилатәараан адепутатцәа алацәажәеит ахәаахәҭратә ҩны аргыларазы Гагра араион, Бзыԥҭа аҳ., Ешба имҩаҟны ЗҲӘА «Ахәаахәҭратә ҩны «Рубин» қьырала 25 шықәса ҳәа адгьыл ҭыԥ аҭара;

Бабышьира ақыҭа, Ҷанба имҩаҟны 0,06 га зҵазкуа адгьыл ҭыԥ атә. Адлеиба Б.Р. хазхаҭалатәи-анхаратә ргыламҭеи анхарҭа ҩны амаҵуреи рзы иҭаразы,  «ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу» акатегориаҟнытә «аиланхарҭатә ҵакы змоу апунктқәа» ркатегориахь аиагаразы Гәылрыԥшь араион Администрациа ажәалагала ақәшаҳаҭхаразы;

Гәылрыԥшь ақ. Солнечнаиа амҩаҟны 0,06 га зҵазкуа адгьыл ҭыԥ атә. Кобахьиа Г.А. адача аргыларазы иҭаразы «ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу» акатегориаҟнытә «аиланхарҭатә ҵакы змоу апунктқәа» ркатегориахь аиагаразы Гәылрыԥшь араион Администрациа ажәалагала ақәшаҳаҭхаразы;

0,01 га зҵазкуа адгьыл ҭыԥ Гагра араион, Маҳадыр ақ., Апартизантә мҩаҟны аӡеизакырҭа аргыларазы УА ААМ Аҳәаахьчаратә маҵзура УА-еи АА-еи ирыбжьоу Аиқәшаҳаҭра аҿҳәара нҵәаанӡа аҭара;

Кындыӷ ақыҭаҟны 12,0 га адгьыл ҭыԥ «ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу» акатегориаҟнытә «аиҭашьақәыргыларатә еиланхарҭатә пунктқәа рыдгьылқәа» ркатегориахь аиагаразы анаҩс иааиԥмырҟьаӡакәа 20,0га адгьыл ҭыԥ зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу ауаажәларра «Жемчужина-2010» агәабзиарачаԥарҭа-курорттә комплекс аргыларазы аҭаразы Очамчыра араион Администрациа ажәалагала ақәшаҳаҭхаразы.

Аилацәажәара аихшьалақәа рыла аилак азыӡба шьҭнахит арҭ азҵаарақәа Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәара ахәаԥшрахь анагара. Аилатәараҟны иахәаԥшын 2021 шықәса рашәарамза 9 рзы актәи аԥхьараан ирыдыркылаз «Аԥсны Аҳәынҭқарра ақыҭанхамҩазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан апроект.

Аилак алахәцәа ирыӡбеит ари азакәанапроект аус адулара иацырҵарц.

 

 


Read 351 times - Аԥшьаша, 13 Жьҭаара 2022 15:31
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.