АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 1:19

Оскар Гәазаа ихьӡ зху Гәдоуҭатәи 4-тәи абжьаратә школ аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рышьҭахь аиадыртит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа ақалақь аҿы шьаҭанкыла имҩаԥгаз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рышьҭахь ашәқәа ааартит  Оскар Гәазаа ихьӡ зху Гәдоуҭатәи 4-тәи абжьаратә школ.

Аусмҩаԥгатә аартра иаҭааит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, аҵара аминистр Хана Гәынба, аиҳабыра алахәылацәа, аиҭашьақәыргыларақәа афинанстә цхыраара рзызуаз Ӷәазаа рҭаацәара.

Ашкол 1964 шықәса рзы идыргылеит, уинахыс шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара амбаӡацызт.   

Аусурақәа рымҩаԥгара алыршахеит Гәдоуҭа ақалақь иалҵыз аишьцәа Алиас, Дмитри, Едгар Гәазаа раԥшьгаралеи рхатә харџьи рыла.

Ашкол аҿы иаԥҵоуп аҵаразы  ҳаамҭа иақәшәо аҭагылазаашьақәа, аспорт аҽазыҟаҵаразы уахь иналаҵаны, иара убас ашкол акәша-мыкәша иҟоу аҵакырагьы аиқәыршәазаара мҩаԥгоуп. Иахьа араҟа аҵара рҵоит 312-ҩык ашколхәыҷқәа, 28-ҩык арҵаҩцәа аус руеит. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылаган ԥхынгәымзазы.

«Ҳара иахьа апатриотизм иаша, аԥсадгьыли ауаажәлари  рахь абзиабара заку ҳзырбо акыр зҵазкуа ахҭыс ҳхы алаҳархәуеит. Ари аҿырԥшы иахьа ҳара иаҳдырбеит аишьцәа Гәазаа — Алиас, Дмитри, Едгар. Урҭ иҟарҵаз акыр аҳаҭыр зқуҵаша усуп.

Ари ашкол зыхьӡ аху Аԥсны Афырхаҵа Оскар Гәазааи Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа  зегьи  ргәалашәара ҳтәыла ахьчареи ҳҳәынҭқарра арҿиареи азы ҭакԥхықәраны иҳаднаҵоит», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада иара убас апедагогикатә коллектив иҭабуп ҳәа реиҳәеит еиҵагыло абиԥара рааӡараҿы ирбо аџьабаа азы. Аҳәынҭқарра ахада амеценатцәа ашкол иарҭаз ацхырааразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Сара ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп ашкол адгылара ахьашәҭо азы. Шәусқәа аӡәырҩы рзы иҿырԥш бзиоуп. Шәпатриотизми шәыжәлар рахь ишәымоу абзиабареи аанарԥшуеит», — ҳәа иазгәеиҭеит Бадра Гәынба.

 


Read 74 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.