АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 21:12

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранаишьеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Иусԥҟала 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсадгьыл аҿаԥхьа рылшамҭа дуқәа рзы, Аполитикатә партиа «Амцахара» аԥҵареи апринципқәа рыхьчараҟны хаҭалатәи рлагаламҭақәа рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра ауажәларра-политикатә ԥсҭазаара активла аҽалархәразы рыԥсҭазаара ианалҵ ашьҭахь «Ахьӡ-Аԥша» аорден  II аҩаӡара ранашьоуп Арӡынба Салыбеи Зосим-иԥеи Аиба Гарик Григори-иԥеи.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Иусԥҟала 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсадгьыл аҿаԥхьа илшамҭа дуқәа рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра ауажәларра-политикатә ԥсҭазаара активла аҽалархәразы, амилаҭтә сахьаркыратә культураҟны илагаламҭазы «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара ианашьоуп Леон иорден занашьоу Џьапуа Баҭал Рушьни-иԥа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Иусԥҟала 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсадгьыл аҿаԥхьа илшамҭа дуқәа рзы, Аполитикатә партиа «Амцахара» аԥҵараҟны хаҭалатәи илагаламҭазы, Аԥсны Аҳәынҭқарра ауажәларра-политикатә ԥсҭазаара активла аҽалархәразы, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара ианашьоуп Тәанба Виктор Шьалуа-иԥа.

 

 


Read 35 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.