Аусҭҵаара ишаанацҳауа ала, жьҭаарамза 10, 2025 шықәса рзы, хәаылбыҽха, асааҭ 18:00 инарзынаԥшуа, Очамчыра араион Аҭара ақыҭан аимак аан хҩык агәҩара ззыҟоу ауаа — Виачеслав Нодар-иԥа Асланӡиеи, Мран Динвер-иԥа Асланӡиеи, Арсоу Амеран-иԥа Кьиути — Аслан Асланӡиа иуаҭәа аҳәызба зныкымкәа иаларҵеит. Ацәгьоура ҟалеит автомашьына Toyota Voxy (аҳәынҭқарратә ашәҟәҭагаларатә дырга Т699ОО АВН) аҩнуҵҟа.
Жьҭаарамза 12 рзы иаанкыланы мызкы ҳәа ирбаандаҩын Виачеслав Асланӡиеи Арсоу Киути. Мран Асланӡиа ишьҭоуп.
Заанаҵтәи аусҭҵаара аусбарҭеи аоперативтә маҵзурақәеи аршаҳаҭгақәа реизгареи Мран Аснанӡиа иҟазаара аҭыԥ аилкаареи иазкны аусеилыргаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.