АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Жьҭаара.2025

Аҟәа ақалақь Ахадара изакәанымкәа иргылоу ахыбрақәа раарԥшра иазку агәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа ирыцнаҵоит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Ақалақь архитектор хада Бислан Багаҭелиа апрокуратура аусзуҩцәеи аҳҭнықалақь аҳаблақәа рыҩнусбарҭақәа рнапхгаҩцәеи  ицны изакәанымкәа иргылоу ахыбрақәа раарԥшразы планла иазԥхьагәаҭоу  аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥигоит.

«Аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба инапынҵала есымчыбжь амониторинг мҩаԥаагоит. Ақалақь аҿы иҟоуп хыԥхьаӡара рацәала азакәантә шьҭада иргылоу ахыбрақәа. Џьара-џьара аихагылақәа дыргылахьеит, џьара-џьара ахыбра ауасхыр акра иаҿуп. Ҳара аргылара ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа рахь ҳнеиуеит, ахыбра аԥшәмацәа ҳаарыԥхьоит, азԥхьанҵақәа раҳҭоит, апкаанҵақәа еиқәҳаршәоит. Ас еиԥш агәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа есымчыбжь имҩаԥысуеит», - ҳәа иазгәеиҭеит Бислан Багаҭелиа.

 


Read 70 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.