Аомбудсмен иара убас иарбоу аиқәшаҳаҭра аобонентцәа рҽаԥхьа азҵаара ықәнаргылоит: ирыдыргало аҭагылазаашьақәа рыдкылара, мамзаргьы фымцалашарада аанхара ҳәа иазгәалҭеит. Анас Кьышьмариаԥҳа абонентцәа ииашам аԥҟарақәа ирықәшаҳаҭхымхар ауам, ус анакәымха афымцамч рымамкәа иаанхар рылшоит, уи анаплакы амонополиатә ҭагылазаашьала ахархәара ауп ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.
Убри инамаданы, абонентцәа АУН «Амшынеиқәафымцамч» ирыднагало аҭагылазаашьақәа рыла аиқәшаҳаҭра рыбжьарымҵар ада ԥсыхәа змам аҭагылазаашьа иҭагылоит. Ас еиԥш ауснагӡатәқәа, аобмудсмен лгәаанагарала, АУН афымцамч аџьармыкьа аҿы иамоу аԥыжәаратә (амонополиатә) ҭагылазаашьа ииашамкәа ахархәара аанарԥшуеит.
Анас Кьышьмариа аԥыза-министр иахь ааԥхьара ҟалҵоит ахархәаҩцәа рзинқәа рыхьчаразы, ари аиқәшаҳаҭра аԥыхзарц, Аунитартә наплаки абонентцәеи реизыҟазаашьақәа аграждантә зин ала еиҿкаазарц. Уи азы аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥгазарц лҳәеит.