АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Жьҭаара.2025

Бадра Гәынба Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа, алегендартә баталион «Горец» аибашьцәа рԥылара ихы алаирхәит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада, Арбџьармчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ Хада Бадра Гәынба Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа, алегендартә баталион «Горец» аибашьцәа рԥылара ихы алаирхәит.

Традициала есышықәса, Аиааира Амш аламҭалазы имҩаԥысуа еицеибашьуаз реиԥылара сынтәа хәыҷык игәҩанны имҩаԥысит.  

Аҳәынҭқарра Ахада аԥсадгьыл ахьчаҩцәа Аиааира Амшныҳәа рыдиныҳәалеит, иҭабуп ҳәа реиҳәеит урҭ иаадырԥшыз ахацәнымырхареи афырхаҵареи агәымшәареи рзы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

«Шәара изныкымкәа аԥсра абла шәҭаԥшхьан, акыр амыҟәмабарақәа шәхыжәгахьан, аха афырхаҵареи агәымшәареи аарԥшны ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи рыхьчара  шәылшеит», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Бадра Гәынба.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит аветеранцәа рфырхаҵара еиҵагыло абиԥаразы хра злоу ҿырԥшны ишыҟоу.

Абаталион «Горец» адҵаҟаҵаҩ, Аԥсны Афырхаҵа Вианор Ашба, иара убас аиԥылара иалахәыз егьырҭ аветеранцәа Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иарҳәеит Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа рганахьала иааирԥшуа ахшыҩзышьҭра азы.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз уи иалахәыз аветеранцәа зегьы Ареспублика Аԥсны атәылахьчара Аминистрра амедалқәа ранашьахеит.


Read 106 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.