Уаанӡа иҟаз адыррақәа рыла, Аҟәатәи аӡбарҭа 2024 шықәса ԥхынгәымза 16 рзы иаднакылаз аӡбамҭала — зрежим ӷәӷәоу ариашаратә колониаҿы имазара имхны 12 шықәса бахҭала ихигаразы ашьауӷа иқәҵан. Беслан Аҩӡба харас идырҵон имаҵура ихы иархәаны аа-епизодк рыла аҳәынҭқарратә мазара еимиҵәеит ҳәа, иара убас аҳәынҭеилахәыра амазара 114- млн мааҭ мцҳәарыла еимиҵәеит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны апрокуратура хада.
2025 шықәса хәажәкырамза 18 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа акассациатә қәҵара ԥсахын. 12 шықәса аҭакра ԥсахын — 1,5 миллион мааҭ ахараԥса ашәарала. Убри аан иӷьычыз 144 миллион мааҭ инареиҳаеы «Аԥсныбылтәы» азшәаразы аграждантә зыҳәара шыҟоу иааныжьын. Анаҩс уи аӡбара Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум иаԥнахит, Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба азинмчы аманы иаанхеит.
Азыӡба анагӡаразы Б.И. Аҩӡба иаанкылара хымԥадоуп ҳәа Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррахь анапынҵа нашьҭуп.






