АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Жьҭаара.2022

АЛИК ГАБЕЛИА «АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА ЗҼАԤСАЗТӘЫЗ АНАУКА АУСЗУҨ» ҲӘА АҲАҬЫРТӘ ХЬӠЫ ИАНАШЬАХЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. ААУ аҭоурыхдырратә факультет адекан Алик Габелиа  «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз анаука аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьахеит.

«Шықәсырацәа инеиԥынкыланы анаука-практикатә усуреи ззанааҭтә дырра ҳараку аспециалистцәа разыҟаҵареи рзы, «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз анаука аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьазааит аҭоурыхдырратә наукақәа ркандидат, Аԥсны Аҳәынҭқарратә Университет аҭоурыхдыррақәа рфакультет адекан, аҭоурых, археологиеи аетноглогиеи ракафедра адоцент Габелиа Алик Николаи-иԥа», –  ҳәа иаҳәоит Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Аусԥҟа аҿы. 

 


Read 331 times - Асабша, 15 Жьҭаара 2022 15:44
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.