АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Жьҭаара.2022

ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АЏЬАР ҞАԤШЬ АМИССИА АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АУС АЦУРА АЦҴАРА ИАЗХИОУП.

Аҟәа. Жҭьаарамза 15,  2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Жьҭаарамза 14 рзы аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар ҟаԥшь Амиссиа ахаҭарнакцәа дырԥылеит. 

Амиссиа аофис анапхгаҩы ҿыц Родриго де Резенде аԥсшәа иаҳәо, Вальтер Быҭәба Жәларбжьаратәи Аџьар ҟаԥшь Амиссиа Аԥсны инанагӡо аусқәа шаҟа аҵакы хада аҵоу азгәеиҭеит.

Аиԥылара аҿы ирылацәажәеит ахьырхәратә система иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы. Ирзааҭгылеит абахҭа иҭаку ауаа ирымоу аҭагылазаашьақәа, арежимтә обиектқәа русуреи рформақәеи рнормақәеи, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусеилыргаанӡатәи аԥхьакырҭа аинфраструктуреи астационартә хәышәтәра иахысуа абаандаҩцәа рзинқәеи закәанла ирзалху аԥкрақәеи рынагӡара, иара убас зфункциаонал наӡоу абахҭа ҿыц аргылара, уҳәа азҵаарақәа жәпакы ирзааҭгылеит. 

Ахәҭакахьала, Родриго де Резенде, Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет аринахысгьы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аус ацура иазхиоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Жәларбжьаратәи ахаҭарнакцәа еиуеипшым аҽҳәарақәа рыла аҭакрала ахьырхәра иақәыршәоу ауаа апсихологиатәи асоциалтәи цхыраара рыҭара азы агәазыҳәара аадырԥшит.

Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет зусура ахықәкқәеи ахыдҵақәеи  мацара агуманитартә ҟазшьа змоу, ауаа рыԥсҭазаара ахьчареи ацхыраара рыҭареи иазку ихьыԥшым, ганк мацара иадзымцәыло еиҿкаароуп..

 

 


Read 363 times - Амҽыша, 16 Жьҭаара 2022 12:30
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.