«Аҳазалхратә шәатәқәа рнапхгараҭара аганахьала ҳазҭоу ашықәс 10 мыз рыла иахыԥхьаӡалахеит 3 млрд. 758 млн. мааҭ. Уи иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар 347 млн. мааҭ рыла еиҳауп», – ҳәа адырра ҟаиҵеит Оҭар Хьециа.
Аҳазалхратә шәатәқәа рыла аплан анагӡара 101% рҟынӡа инаӡоит.
2025 шықәса 10 мыз рыла Аԥсны азеиԥш тауареикәыршара 48,5 млрд. мааҭ иреиҳахеит, уи иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны 3,2 млрд. мааҭ рыла еиҳауп.
Атауареикәыршара аизҳара 7,3% рҟынӡа инаӡеит. 10 мыз рыла аимпорт 10% рыла иазҳаит, уи 43 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.
Иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны амашьынақәеи аиқәыршәагақәеи ралагалара 46% рыла иазҳаит, 12% рыла – акциза зҭаху тауарқәа, 4% рыла – аминералтә аалыҵқәа, абылтәы уахь иналаҵаны.
10 мыз рыла аекспорт 12% рыла еиҵахеит, уи 5 млрд. 25 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.
«Уи аихеи аиларҭәақәеи рыла еилоу аутилизациа ззыруа ацәынхақәа, абасратә аалыҵқәа, аԥсыӡшылеи аԥсыӡхәшеи рекспорттә мҽхакы агхара иадҳәалахеит», - ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы ахантәаҩы.
Аҳазалхратә закәанԥҵара аилагаразы ахьырхәра ҳасабала 7 млн. мааҭ ахараԥса дыршәоуп.
10 мыз рыла имҩаԥган 50 инареиҳаны аоперативтәи апрофилактикатәи аусмҩаԥгатәқәа, иаарԥшын 219 административтә зинеилагарақәа.
Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аҿы Урыстәыла аус ацура акыр ахшыҩзышьҭрала арҭоит. Наҟ-ааҟ аҳазалхратә хылаԥшра алҵшәақәа разхаҵаразы аелектронтә пкаанҵа ақәыршаҳаҭра мҩаԥысуеит.
Цәыббрамзазы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара абаџь ахшәаарада ахәаахәҭра арежим азы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥган. Аахыҵ Уаԥстәыла Аҳазалхратә Еилаки Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилаки рыбжьара аиқәшаҳаҭра аиқәыршәара хыркәшоуп.
Оҭар Хьециа иажәақәа рыла, 2026 шықәсазы ихадоу хырхарҭақәаны иазԥхьагәаҭоуп ашәарҭарақәа разԥхьагәаҭара асистема арҿиара, аҳазалхратә закәанԥҵара аиӷьтәра, иҿыцу аиформациатә ӡбамҭақәа ралагалара.






