Аттестациа иахысит:
- Альдона Чалигаа – Гәылрыԥшь араион апрокурор ихаҭыԥуаҩ аиустициа абжьгаҩ еиҳабы;
- Адамыр Ҷедиа – Аԥсны аԥсабарахьчаразы апрокурор ихаҭыԥуаҩ, аиустициа абжьгаҩ еиҳабы;
- Фатима Шамба – акадрқәа рзы апрокурор Хада ицхырааҩ, аиустициа абжьгаҩ еиҳабы;
- Денис Дбар – Апрокуратура Хада Аусеилыргаратә усбарҭа ауселыргаратә ҟәша аусеилыргаҩ еиҳабы, 2-тәи акласс иаҵанакуа азиндырҩы;
- Инал Смыр – Аҟәа араион апрокуратура акриминалист, 2-тәи акласс иаҵанакуа азиндырҩы.
Аттестациа мҩаԥысуеит ҿырҳәалатәи аформа ала, уи амҩаԥгараан Ареспублика Аԥсны азакәанԥҵара адырра аазыԥшуа азҵаарақәа, иара убас иашьашәалоу аамҭахәҭазы имҩаԥгаз аусура иадҳәалоу азҵаарақәа ҟаҵахоит.






