Иара ишазгәеиҭаз ала, «Аӡышьҭра» амаҵзура оперативла иҟалаз ахҭыс ахҟьаԥҟьақәа рықәгаразы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.
«Иахьа шьыжьы аахыижьҭеи аиҭашьақәырыгалара алагаразы уахь атехника знеиртә еиԥш анеирҭақәа рыҟаҵаразы аусурақәа мҩаԥысуеит. Аӡы ацәцара аанкыларазы зыԥшра ҟамҵакәа ихжәаз аӡымҩангагақәа реиҭашьақәыргылара азԥхьагәаҭоуп. Аусура акыр иаруадаҩуеит аҭыԥ ахь анеира иацу ауадаҩрақәа, ҩаԥхьа адгьылҳәазара ашәарҭара ыҟоуп. Убри аҟнытә аусурақәа ршәарҭадара алыршареи ахҟьаԥҟьақәа рықәгареи рзы аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥгахоит», — ҳәа иажәа иацҵо иазгәеиҭеит Руслан Аҩӡба.
Иара иажәақәа рыла, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа 3-4 мшы иадхалоит, аха ауааԥсыра ӡыда иаанымхарц азы, Аҟәа ақалақь Ахадара аӡы рызнагара аиҿкааразы аӡбамҭа аднакылеит.
Дермановски имҩала абҵарамза 25 ашьыжь, асааҭ 11:00 инаркны иргылахоит аӡы зҭоу амашьына.
«Изҭаху зегьы неины аӡы ргар алшоит. Рыцҳарас иҟалаз, амашьына аҭыӡҭыԥқәа рахь изнеиӡом. Ҳара ас еиԥш аӡы анагара мышкахьы ҩынтә-хынтә иазԥхьагәаҭаны иҳамоуп», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Руслан Аҩӡба.






