АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Абҵара.2025

Лаша Ашәба: Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ианыԥшуеит ажәлар ззықәԥо ахықәкы хадақәа – аҩныҵҟатә гәҭынчреи, ауаҩы изинқәеи, ихақәиҭрақәеи, атәылауаҩратә ҭынчреи аҳәоуеиқәшәареи.

Аҟәа. Абҵарамза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны жәлар Аҳәынҭқарра Аконституциа амш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалара аҿы иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Аԥсны жәлар! Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа 31 шықәса ахыҵуеит! Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит ари аныҳәамш!

Ари амш ҳара иаҳгәаланаршәоит ҳәыла аҭоурых аҿы акыр аҵак ду змоу адаҟьа, ҳара иаҳгәалаҳаршәоит ҳҳәынҭқаррара ахыҵхырҭаны игылаз ауаа, абҵарамза 26, 1994 шықәсазы Ареспублика Аԥсны Аконституциа здызкылаз Аԥсны Иреҳаӡоу Асовет ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит.  Аконституциа аиқәыршәареи адкылареи иадҳәалаз апроцесс аҿы Владислав Григори-иԥа Арӡынба инаигӡаз ароль ахә ашьара уадаҩуп.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ианыԥшуеит аҭоурыхтә традициақәа, хра злоу акультуратә традициақәа, ажәлар ззықәԥо ахықәкы хадақәа – аҩныҵҟатә гәҭынчреи, ауаҩы изинқәеи, ихақәиҭрақәеи, атәылауаҩратә ҭынчреи аҳәоуеиқәшәареи, уи уасхырс иҟалеит ҳара иахьатәи аҳаԥсҭазаареи уаҵәтәи ҳԥеиԥши рзы.

Аԥсны Аҳәынҭқарра жәлар рхатәҳәаақәҵаратә зин инақәыршәаны, ҭоурыхла ишьақәгылаз, суверентә, демократиатә, зинтә ҳәынҭқарраны ирылазҳәаз Аконституциа рыдыркылеит 1994 шықәса абҵарамза 26 рзы, Владислав Арӡынба напхгара зиҭоз Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Ахеилак асессиаҟны. 1999 шықәса жьҭаарамза 3 рзы иахьа аус зуа Аконституциа Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа жәларызегьтәи бжьыҭарала иақәшаҳаҭхеит.

Аконституциа 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иаҳгаз аиааира алҵшәақәа шьақәнарӷәӷәеит. Аԥсны Аҳәынҭқарра исуверентәу, изинтәу ҳәынҭқарраны ирылазҳәаз Аконституциа ҳажәлар ртәылауаҩратә зинқәеи рхақәиҭрақәеи, уи адгьылҵакыра акзаареи, акьымсреи рзы хәдықәҵара зуа акәны иҟалеит.

Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи апозициақәа арӷәӷәоит, иамоу аҩныҵҟатәи алшарақәа рырҿиара иаҿуп. Ҳара иаҳуалуп Аконституциаҟны иарбоу анормақәа зегьы рдырра, рықәныҟәара, аекономикеи асоциалтә ҟәшеи ҭышәынтәаланы рыҿиара, аҳәынҭқарраҟны иҵоуроу аиҭакрақәа рымҩаԥгара ацхраара. Аамҭа аҽаԥсахуеит, Аконституциа ауаажәларра рыԥсҭазаараҟны имҩаԥысуа аиҭакрақәа аныԥшуазароуп. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламенти, анагӡаратәи, аӡбаратәи мчхареи, ауаажәларреи еидгыланы абри аганахьала аусурақәа мҩаԥыргоит.  Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, ҳҳәынҭқарразы акрызҵазкуа амш шәыдныҳәало, гәык-ԥсык ала зегьы ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп аизҳазыӷьара, ҳаԥсадгьыл аҿиара, аизҳара иазку ахықәкқәа рынагӡараҟны аихьӡара ҿыцқәа!  

 


Read 139 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.