«Адгьылҳәазара иахҟьаны ааха аиуит зыгәҭаӡа 300 мм. инаӡо аӡымҩангага. Аӡы амҩақәеи аканауақәеи ирнылеит, аха аҩнқәа ӷәӷәала ааха анамҭаӡеит. Иахьа шьыжьы аахыижьҭеи аӡымҩангага аиҭашьақәыргылара иаҿуп ҩ-бригадак афымцаеидырҭәалаҩцәа. Аусрақәа қәҿиарала изхыркәшахар, усҟан ауааԥсыра ӡыла реиқәыршәара 2-2,5 сааҭ рышьҭахь иалыршахоит», – ҳәа адырра ҟаиҵеит иара.
Мираб Анқәаб ақыҭақәа Ӡыгәҭа, Басла, аҟәатәи Ҷанба имҩа Аҟәа араион аӡхагаларатә станциа ала аӡы роуеит ҳәа иазгәеиҭеит.
Турбаза аҳаблеи Кәыдрытәи аҩхаа амҩалеи инхо ауааԥсыра аӡы роуеит Гәымсҭатәи аӡхагаларатә станциа аҟынтәи.
Аӡымҩангага аҟынӡа анаӡара змам рзы Аҟәа ақалақь Ахадара уаанӡа еиԥш уажәгьы аӡрыжәтә анагара еиҿнакаауеит. Аӡаагага Дермановскии Џьелиеи рымҩеихысырҭаҿы игылоуп.






