АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Жьҭаара.2022

АԤСНЫ ИҞОУ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АЏЬАР ҞАԤШЬ АМИССИА – 30 ШЫҚӘСА АХЫҴИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Иахьа акультура-усуратә платформа «Гәыма» аҿы имҩаԥысит Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Амиссиа Аԥсны аус ауеижьҭеи 30-шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә.

Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы инагӡаз аусура аихшьаалақәа мҩаԥган, иара убас еизаз рҿаԥхьа дықәгылеит Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Амиссиа ахада ҿыц Родриго де Резанде. Уи  ари агәырӷьаратә мшы азы иколлегацәеи аныҳәа иаҭааз асасцәеи рыгәҭа аҟазаара гәахәара дула ишидикыло азгәеиҭеит, иара убас аиҿкаара агуманитартә зҵаарақәа рыӡбараан агәырӷьаразы еиҭа амзызқәа аҟлап ҳәа агәыӷра шимоу ааирԥшит.

Анаҩс дықәгылеит Амиссиа ахада ицхырааҩ Борис Казанба. Уи еизаз ирзеиҭеиҳәеит инагӡоу апроектқәа ртәы. Урҭ иреиуоуп:

– аполиклиникақәа хәшәыла реиқәыршәареи ашьалаҵара астанциақәа ирыхәҭоу аиқәыршәагақәа рыла аибыҭареи;

–  зматериалтә ҭагылазаашьа ԥку ауаа рзы агуманитартә крыфарҭақәа реиҿкаара; 

– ахьырхәратә система, амедицинатәии аӡбара-медицинатәи аструктурақәа агуманитартә цхыраара рыҭара;

– хабарда ибжьаӡыз рыӡбахә аилкаара;

– аконфликт иахҟьаны ааха зауз ауаа ацхыраара рыҭара, аҭаацәатә еимадара аиҭашьақәыргылара; 

– Гагра ақалақь аҿы аортопедиатә Центр аԥҵара, аҭыԥантәи аспециалистцәа разыҟаҵара;

– ақыҭанхамҩа иадҳәалоу апроектқәа адгылара рыҭара;

– Аԥснытәи ашколқәа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет, иара убас амчратә хылаԥшырҭақәа рҿы жәларбжьаратәи агуманитартә зин аганахьала адыррақәа рыларҵәара;

– акоронавирустә ҿкы чымазара алаҵәара иахҟьаны иуадаҩу аҭагылазаашьа зауз ауааԥсыра ацхыраара рыҭара;

– Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аан иҭахаз рыԥсыбаҩ анышә иҵхны рхаҭара ашьақәыргылара.

 

 


Read 299 times - Аҩаша, 18 Жьҭаара 2022 15:33
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.