АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Ԥхынҷкәын.2025

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аусеилыргаратә усбарҭа Аԥснытәи аихамҩа иатәыз аԥаратә хархәагақәа реимҵәара аганахьала ашьаус хацнаркит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аусеилыргаратә усбарҭа анапхыцәгьарала атәым мазара – Ареспубликатә унитартә Наплакы «Аԥснытәи аихамҩа» аԥаратә хархәагақәа рытәтәра азы игәҩароу Агрба Мирон Лавренти- иԥеи Коӷониа Даур Ҷыҷыкәа-иԥеи рганахьала ашьаусеилыргара хацнаркит.

Иарбоу ацәгьоура ҟаҵан Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаара «СП Путь-А» Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи аихамҩақәеи» цәыббрамза  17, 2019 шықәса рзы ирыбжьарҵаз аргыларатә усурақәа рымҩаԥгаразы аиқәшаҳаҭра ала аусурақәа рынагӡараан.

Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны анардадкылаҩ аихамҩатә цҳақәа «Кьиалашәыр», «Тамшь», «Аацы», «Агәыӡера», «Кәыдры» «Ҭоумышь, Ԥшьаԥ», аихамҩатә станциа Аҟәа анаӡаратәи ахыцтә еиҿыгарҭақәа реиҭашьақәыргылара, иара убас аихамҩатә станциақәа Аҟәа, Цандрыԥшь, Гагра  адәыӷбадгыларҭақәа рырлашагақәа реиҭашьақәыргылара, авокзал Гагра  астанциа аҿы авокзал иаԥну аплошьади астациа Аҟәа аҿы аҩбатәи амҩа арлашагақәеи реиҭашьақәыргылара  рзы аҭакԥхықәра ихахьы игон.

Ашьаусеилыргара ахацыркра ҟалаанӡа имҩаԥгаз агәаҭараан ишьақәыргылан хәажәкырамза 25, 2020 шықәсазы АУН «Аԥснытәи аихамҩақәа» адиректор хадас иҟаҵаз Агрба Мирон Лавренти-иԥа аамҭак ала аиҿкаара-анардадкыла Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаара «СП Путь-А» аԥҵаҩы заҵәны дшыҟаз. Иарбоу аилазаараҿы анапаҵыҩра азин иманы адиректор хада ихаҭыԥуаҩыс дыҟан Коӷониа Даур Ҷыҷыкәа-иԥа.

Иарбоу ахаҿқәа рганахьала анагӡаратә ргыларатә усшәҟәқәа ишьақәырӷәӷәаз ахарџьынҵатә рбагақәа инарықәыршәаны аусурақәа нагӡоушәа имцырку адыррақәа рырбарала амцҳәаратә уснагӡатәқәа аҭыԥ шрымаз арԥшхеит. Заанаҵәи адыррақәа рыла, ашьаусеилыргара ахацыркра аламҭалазы иртәыртәыз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 12 773 288 мааҭ рҟынӡа инаӡоит, урҭ рахьынтә 3 804 245 мааҭ аҿаҵаҩыс иҟоу – Ареспубликатә унитартә Наплакы «Аԥснытәи аихамҩа» ала – Аԥсны Арбитражтә ӡбаҭа аӡбамҭала (уи аамҭазы анапхыцәгьара афакт шьақәыргылаӡамызт) ЗҲәА «СП Путь-А» ахыԥхьаӡаратә ԥхьаӡарахь иахыԥхьаӡалан.

Ари аус ала заанаҵтәи аусеилыргара иацҵахоит, ацәгьоура иалахәыз егьырҭ ахаҿқәа реилкаара иазырханы аусеилыргаратәи апроцессуалтәи аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.


Read 17 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.