АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 15:40

Аҟәа ақалақь аҿы инхо ахаҵа 13 грамм аметадон имхын.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара ахылаԥшразы Аусбарҭа аусзуҩцәеи  Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшаара аҟәша аусзуҩцәеи Приморское ақыҭан дааныркылеит Аҟәа ақалақь аҿы инхо,  1975 шықәса рзы ииз Быҭәба Нарсоу Мирон-иԥа.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, иаанкылаз ахаҵа игәаҭараан иарҭмаҟ аҩныҵҟа ирбеит «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар згәылаз 12 еилаҳәара. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аексперт-криминалисттә Центр аҿы имҩаԥгаз аҭҵаара ишышьақәнаргылаз ала, ахаҵа идырбалаз анаркотикатә маҭәашьар азеиԥш капан 13 грамм рҟынӡа инаӡоит.

Нарсоу Быҭәба анаркотик ааихәеит имаӡоу аҭаҵәахырҭа аартрала, убри аан уи Telegram  ала агелокациа акоординатқәа ихы иаирхәон.

Нарсоу Быҭәба иганахьала аусеилыргара хацыркуп. Аӡбарҭа азыӡбала Нарсоу Быҭәба дырбаандаҩуп.


Read 29 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.