АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 20:35

Санкт-Петербургынтәи Аҟәаҟа иаагоуп раԥхьатәи атроллеибус ҿыцқәа ҩба.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25,  2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аҳҭнықалақь ашҟа иааргеит Санкт-Петербург ахадара аҟынтәи Аҟәа ҳамҭас иаҭоу раԥхьатәи атроллеибус ҿыцқәа ҩба. Алогистикатә уадаҩрақәа ирыхҟьаны аагара аҽҳәарақәа маҷк инаскьеит, аха ақалақь анапхгара аусбарҭақәа ас еиԥш згабарит дуу аидара аагара алдыршеит.

Зынӡа аҳҭнықалақь ҳамҭас иарҭеит атроллеибусқәа 10, аха хыхь ишаҳҳәахьоу еиԥш, алогистикатә уадаҩрақәа ирыхҟьаны аӡынра анҵәамҭазы иаагахоит.

Уаанӡа аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба иааиуа ашықәс азы ақалақь агәи аҳабла маҷқәеи еимаздо ажәытә троллеибустә маршрутқәа реиҭашьақәыргылара ишалаго азы адырра ҟаиҵахьан. Атранспорт ҿыц ипопулиару ахырхарҭақәа рылшареидара еиҳа армаҷра иацхраауеит, аҳҭнықалақь аҩныҵҟа аныҟәара еиҳа иарманшәалоит.  


Read 40 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.