АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 23:35

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа руалафахәы иааиуа ашықәс азы 22% рыла иазҳауеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аԥсуа милициа аматериалтә еиқәыршәара иазкны аицфинансыркразы Урыстәылеи ареспубликеи реиқәшаҳаҭра апкаанҵа шьақәдырӷәӷәеит.  

2020 шықәсазы знапаҵыҩра мҩаԥгаз ари аусшәҟәы 2014 шықәсазы аҩ-ҳәынҭқаррак ирыбжьарҵаз аидгылареи астратегиатә партниорреи рзы Аиқәшаҳаҭра ду ханарҭәаауеит.

Иҿыцу аиҭакрақәа Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәеи ахылаԥшырҭа атәылауаҩратә персонали рулафахәы аиҭаҳасабркра амҩаԥгара алдыршоит.

Иарбоу аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит Аҳәынҭқарра Ахада Жәлар Реизара аҿы ихаҭарнак Дмитри Шамба.

Иарбоу ашәатәқәа рзы аԥаратә хархәагақәа—60 миллион мааҭ иреиҳауп. Урҭ рыԥшаара алыршахеит аштат аҿы иҭацәу авакансиақәа рыҟазаара азы аџьаԥса афонд аеконмиа иабзоураны.

Апкаанҵа инақәыршәаны, аулафахәқәа инеиԥынкыланы иазҳалоит. Цәыббрамза 2025 шықәса инаркны ашәатәқәа  30% рыла иацлоит, 2026 шықәсазы аизҳара  22% рҟынӡа инаӡоит,  2027 шықәсазы — 18%, 2028 шықәсазы аулафахәы даҽа 16% рыла еизҳауеит.  году довольствие поднимется еще на.  Прочитано 36 раз. Последнее изменение 26.12.2025.

Иарбоу аԥкаанҵа анагӡаразы азеиԥш еицҵалыҵ 60 миллион мааҭ иреиҳауп ҳәа азгәеиҭеит Шамба.

 


Read 30 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.