Уажәы аӡбаҩцәеи урҭ рҭаацәеи акоммуналтә маҵзурақәа (алашара, аӡы, арԥхара) рыхәԥса 50% агырханы иршәоит.
Азакәан апроект иарбоу асиа аҟынтәи афымцамч алшара азԥхьагәанаҭоит. Адепутатцәа иҟарҵо алкаақәа рыла, апроект адкылара ахымԥадатәра зыдҳәалоу аенергетикатә усхк аҟны иҟоу аҭагылазаашьа уадаҩ ауп. Иҟоу аҭагылазаашьаҿы афымцамч ахә ахшәааразы азинҷыда ааныжьра ииашахом ҳәа ирыԥхьаӡоит.






