01.Ажьырныҳәа.2026
2026 - тәи Ашықәс ҿыц ауха Аԥсны раԥхьатәи аҵеи диит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 1, 2026 шықәса. Аԥсныпресс. 2026-тәи Ашықәс Ҿыц ауха ииз раԥхьатәи ахәыҷы дыҷкәыноуп.
Аиба зыжәлоу, зыкапан — 4 100 грамм рҟынӡа инаӡо амаалықь диит ажьырныҳәамза 1, асааҭ 00:25 рзы.
Иара аҭаацәараҿы аԥшьбатәи ҷкәыноуп. Ани ахшаареи рҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, урҭ ирзааигәоу ауааи аҭынхацәеи амедицинатә усзуҩцәеи рҟынтәи адныҳәаларақәа рыдыркылоит.






