«Ҳаҭыр зқәу Сергеи Владилен-иԥа!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Иааиуа Ашықәс Ҿыци Қьырса Ныҳәеи!
Ииасуа ашықәс аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рыҿиараҿы акрызҵазкуа аамҭан, ари апроцесс аҿы аҵак ду амоуп Шәара хаҭала Аԥсны Аҳәынҭқарра иааиԥмырҟьаӡакәа адгыларазы имҩаԥыжәгоз аусура. Ҳтәылазы ихадароу азҵаарақәа Шәара ирышәҭо азҿлымҳара ахә ҳаракны иршьоит аҳәынҭқарратә ҩаӡараҿгьы ҳтәылауаа рыҩныҵҟагьы.
Аԥсны Шәара ҷыдала гәыблыла ишәзыҟоуп. Шәара ҳреспублика шәатәуп, шәыдгьыл гәакьеи шәареи шәеимадара бзианы ианыԥшуеит Аԥсны аганахь ишәымоу азыҟазаашьаҿы, уи аҷыдарақәеи, инарҵауланы иеилышәкаауа ауаа ргәазыҳәареи ргәалаҟазаареи. Уи ҳусеицура иҷыдоу азнеишьеи агәреибагареи рҟазшьа анаҭоит.
Гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аусеицура арӷәӷәараҿы хаҭалатәи шәлагала ду азы, гәыкала ҳзыҟазаашьеи есқьынгьы ацхыраара шәахьазхиоу ази.
Гәык — ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аҭакԥхықәра зцу аусураҿы ақәҿиарақәа, Урыстәылатәи Афедерациа ажәлар зегьы -аҭынчра, ахирра, аизҳазыӷьара. Ҳазҭало ашықәс аихьӡара ҿыцқәеи аиҭакра бзиақәеи аанагааит».






