АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Ажьырныҳәа.2026

2026 шықәсазы ахҭыстә туристтә мзар.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 5, 2026 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атуризм Аминистрра 2026 шықәсазы ахҭыстә туристтә мзар еиқәнаршәеит.

Ажьырныҳәамза

Ажьырныҳәамза 6 инаркны 10-нӡа имҩаԥысуеит  «Mandarin Festival»  – ареспублика ақалақьқәа еидызкыло аныҳәа ду. Апрограмма аҿы иҟоуп — атематикатә ахәаахәҭра-цәыргақәҵақәа (аиармаркақәа, аинклиузивтә фестиваль, аҟазара-аклассқәа, аҳаиртә анкьаԥышҭа ажәҩан алаҵара,  50-метра рҟынӡа инаӡо амандаринатә торт, иара убас адунеи аҿы зегь реиҳа иҳараку, зоура хә-метрак рҟынӡа инаӡо амандарнатә аԥсаӡҵла.

Хәажәкырамза

Амимоза афестиваль (ақалақьқәа Аҟәа, Гагра, Афон Ҿыц). Ааԥын аныҳәа асасцәа ирԥылоит аныҟәарақәа, акалорит зныԥшуа ашәҭқәа рџьармыкьеи афлористриказы аҟазара-аклассқәеи рыла. Ақалақьқәа иаарту аплошьадкақәа рҿы аконцертқәа мҩаԥгахоит.  

Мшаԥымза.

Аботаникатә фестиваль «Ишәҭыкакаҷуа Аԥсны» (ақалақьқәа Аҟәа, Гагра, Афон Ҿыц). Ахҭыс амагнолиақәеи аглициниақәеи рышәтәра иазкуп. Апрограммаҿы иҟоуп Аҟәатәи Аботаникатә баҳчеи апрынц Ольдербургски ихьӡ зху Апарки рҿы аклассикатә музыка аконцертқәа, асахьаҭыхыҩцәа рсахьақәа рцәыргақәҵа, иара убас аҭыԥантәи ачаи ацхеи ргьама абара.

Аклассикатә музыка Жәларбжьаратәи афестиваль (ақ. Аҟәа). Аҳәынҭқарратә филармониеи адраматә театри рысценақәа рҿы акамертә оркестрқәа рықәгыларақәа. Ҿыц зкариера иалаго анагӡаҩцәа рзы аҟазацәа рҟынтәи еиҿкаахоит аҟазара–аклассқәа.

Лаҵарамза

Лаҵарамза 1 – 3 рзы имҩаԥысуеит  Кавказ ажәларқәа ркультура афестиваль (ақыҭа Лыхны). Аҭоурыхтә дәы Лыхнашҭа аҿы ажәлар рҵасқәеи рқьабзқәеи рысасдкылареи атмосфера уагәылазхало итрадициатәу аетно-ныҳәа.

Лаҵарамза 12 инаркны 14-нӡа имҩаԥыслоит Б.У.Шьынқәба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи афестиваль «Ахаҳә еиҩса» (ақ. Аҟәа). Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба игәалашәара иазку есышықәсатәи алитература-культуратә фестиваль.

Агастрофестиваль «Акәац фест» (ақ. Аҟәа). Гьамала акрыфара бзиа избо рзы ихадоу ахҭыс: акәац аҵәы иахаҵаны иӡны, амилаҭтә чыс хкқәа ргьама абара, аҭаацәа зегьы рзы иманшәалоу аԥсшьаразы аҭыԥқәа рырхиара.

«Ldzaa Fest» (ақыҭа. Лӡаа, ақалақь Пицунда). Ареликттә мзара аҿы анаука-сахьаркыратә проект. Асасцәа рзы иуникалу аԥсабаратә декорациақәа рҿы еиҿкаахоит арккаратә лекциақәеи арт-перфомансқәеи.

Иҿыцу атуристтә мҩахәасҭақәа рӡыргара (Очамчыреи Ҭҟәарчали рраионқәа). Активла атуристтә сезон аартра азы ирҿыцу ашьаҟамҩатә маршрутқәа официалла раартра.

Рашәарамза

Рашәарамза 5 рзы иаатуеит акурорттә сезон.  (ақалақь Афон Ҿыц). Иаарту ажәҩан аҵаҟа аныҳәатә концерт ду мҩаԥгахоит. Араҟа иқәгылоит еицырдыруа аестрадатә артистцәа.

Ауараш афестиваль «Ауараш» (ақалақь Аҟәа).  Ауараш бзиа избо рзы аныҳәа: аҭыԥантәи ауараш ахкқәа ргьамабара, атрадициатәу ацыфақәа, амузыка, агәырӷьара, аччара, атематикатә конкурсқәа.

Ԥхынгәымза

Ԥхынгәымза 1 рзы иазгәарҭоит Аԥсны атуризм Амш (ақ. Аҟәа). Иҳараку атуристтә сезон алагара аофициалла азгәаҭара. Ари аамҭазы аԥсшьаразы зеиӷьаҟам аҳауа аԥхарреи амшынӡы аҟәандареи рыла иалкаахоит.

Ԥхынгәымза  11 - 20 рзы –  «Abkhaz Music Fest» (ақ.Аҟәа). Амшын аԥшаҳәаҿы еиҿкаахоит аҿартә музыкатә фестиваль ду. Афестиваль апрограммаҿы иҟалоит еицырдыруа адидџьеицәа рықәгыларақәа, аелектронтә, ааетникатә, апоп-музыка анагӡаҩцәа рықәгыларақәа.

Ԥхынгәымза 23 – 25 рзы –  Жәларбжьаратәи агрофестиваль (ақ.Пицунда). Аԥсни Краснодартәи атәылаҿацәи рҟынтәи 40 инареиҳаны аҭыжьыҩцәа еидызкыло агастрономиатә хҭыс. Екологиала ицқьоу аалыҵ ацәыргақәҵа-хәаахәҭреи агьамабареи (адегустациа).

Ԥхынгәымза 31 инаркны нанҳәамза 4 нӡа – XXIV Афестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит...» (ақалақьқәа Аҟәа, Пицунда). Аклассикатә сцена адунеизегьтәи аеҵәахәқәа еидызкыло аопертә ҟазара афестиваль дуқәа иреиуоу.

Нанҳәамза

XXII Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны-Опен» (ақ. Аҟәа). Еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи агроссмеистерцәеи ашахмат абзиабаҩцәеи адзыԥхьало есышықәсатәи аинтеллектуалтә хҭыс ду.

Цәыббрамза

Цәыббрамза 27 – Аҟәа ақалақь ақырҭуа мпыҭахалаҩцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра Амш. (ақ. Аҟәа). Ақалақьтә аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа: аконцертқәа, асахьаҭыхратә цәыргақәҵақәеи аспорттә еиндаҭларақәеи.  

Цәыббрамза 28 рзы –  «Мықәашҭа» (ақыҭа. Мыкә, Очамчыра араион). Традициала ишаԥу еиԥш, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш иадҳәаланы  имҩаԥгахоит аҽырыҩрақәа.

Жьҭаарамза 4 рзы – Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихраҿа агаразы атурнир (Бзыԥтәи аипподром). Традициала ишаԥу еиԥш, аҽыбӷаҟазаратә спорт Афедерациеи аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки еиҿыркаауеит ареспубликатә ҽырыҩрақәа.

Жьҭаарамза 11 инаркны 15 нӡа – Жәларбжьаратәи аинклиузивтә фестиваль «Иҳәаадоу адунеи» («Мир без границ») (ақалақьқәа Гагра, Аҟәа). Урыстәылатәи Афедерациа Ахада игрантқәа Рфонди Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭеи рыцхыраарала инагӡахо згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәа адгылара рыҭара иазырхоу апроект.

Жьҭаарамза 27 рзы –  Аквест-еиԥхныҩлара  «Диоскураа рымҩа» («Дорога Диоскуров») (ақ. Аҟәа). Апроект «Агәабзиара амаршрутқәа» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахо, ажәытә қалақь аҭоурых аилкаареи аиԥхныҩлареи  еидызкыло акультура-спорттә усмҩаԥгатә.

Жьҭаарамза (арыцхә еилкаахоит)  - аԥхынтәи атуристтә сезон аркра  (ақ. Гәдоуҭа). Аҽаҩра аныҳәеи «Аџьықәреи амш» («День кукурузы») ҳәа изышьҭоу ашоу-программеи. Асасцәа ирзыԥшуп аҟазара-аклассқәа, аҭыԥантәи афатә аалыҵқәа ргьамабареи анапҟазацәа раалыҵ ахәаахәҭра-цәыргақәҵеи.

Абҵарамза

Абҵарамза 1 инаркны 2-нӡа  - аҩытә культура афестиваль ду «Аҳаԥшьа» (ақ. Аҟәа). Аԥснытәи аӡахәааӡаҩцәеи аҩҭаҭәаҩцәеи Реидгыла аҩыҟаҵара знапы алаку рзы еиҿнакааз аусмҩаԥгатә ду.

Абҵарамза 3 рзы – Аҽаҩра аныҳәа «Лыхнашҭа» (ақыҭа Лыхны, Гәдоуҭа араион). Аҭоурыхтә дәы аҿы еиҿкаахо амилаҭзегьтәи аныҳәа. Араҟа иҟалоит аҽырыҩрақәа, ақыҭанхамҩатә еихьӡарақәа рцәыргақәҵақәа.

Абҵарамза 5 рзы – Аҽаҩра аныҳәа «Амшен» (ақыҭа Ԥшьаԥ, Гәылрыԥшь араион). Аԥсны инхо аерманцәа рытрадициатә фестиваль. Уи зеиӷьаҟам ала аерман жәлар ркультуреи рытрадициақәеи рбеиара аанарԥшуеит.

Абҵарамза (арыцхә еилкаахоит) – Аҟәатәи амарафон. Амшын аԥшаҳәеи аҳҭнықалақь аҭоурыхтә ҭыԥқәеи рҿы аиԥхныҩлара. Уи рхы аладырхәуеит адунеи зегьы аҟынтәи аҩҩцәа.

Абҵарамза (амз зегьы иалагӡаны) - Агрофестиваль «Аԥсны аҳамҭақәа» («Дары Абхазии»/). Ахәырма, амандаринақәа, ажь аҭаара иазку агастрономиатә марафон. Апрограмма аҿы иҟоуп аплантациақәа рахь аекскурсиақәеи ажь арҟәыцразы аҟазара-классқәеи.

Абҵарамза (арыцхә еилкаахоит) – Аԥсни Алада Урыстәылеи рыжәларқәа рашәаҳәареи рыкәашареи  Афестиваль (ақ.Пицунда). Акәашаратә ансамбльқәа рықәгыларақәеи ажәлар рнапҟазарақәа рцәыргақәа-хәаахәҭреи рыла ишьақәгылоу афольклортә ныҳәа ду.

 

 

 

 

 

 

 


Read 376 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.