Хаҭала лгәаҭараан Елена Чернова илыдырбалеит иагьлымырхит зыкапан 160 грамм рҟынӡа инаӡоз, «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар згәылаҳәоу 80 еилаҳәара.
Амилициа аусзуҩцәа иара убас амобилтә ҭелқәагьы рымхра мҩаԥыргеит. Аҭелқәа руак аҿы «имаӡоу ашьҭаҵарҭақәа» рҭыԥқәа ркоординақәеи «Борис Березовски» ҳәа ахьӡ ҷыда змоу ауаҩы иахь ашәҟәеимадареи анын.
Елена Чернова лмашьына аҩныҵҟа убасҵәҟьа ирыԥшааит анаркотикатә маҭәашьар «метадони» арҩышьыгатә маҭәашьар «Прегабалини».
Елена Чернова иара убас амилициа аусзуҩцәа идлырбеит уаанӡа иҟалҵахьаз «имаӡоу ашьҭаҵарҭақәа» рҭыԥ. Аацы ақыҭан еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы амилициа аусзуҩцәа зыҩныҵҟа 10, 30, 40, уҳәа цыра еиҳа имаҷу аилаҳәарақәа згәылаз аилаҳәара дуқәа рыԥшааит.
Ас еиԥш иҟоу «еизаку» «атауар» цырак азы иааныркылаз лажәақәа рыла, илоуан 50 нызықь мааҭ. Зынӡа иааизакны иарбоу аҭыԥ агәаҭараан ирыԥшааит зыкапан 325 грамм еиҳаз, «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар згәылаз 123 еилаҳәара.
Амиран Ҭраԥшь дааныркылеит Гәдоуҭа ақалақь аҿы. Уи имашьына агәаҭараан амилициа аусзуҩцәа ирыԥшааит «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар згәылоу 5 еилаҳәарак. Аҭиразы иазырхиаз, аиԥш-зеиԥшу анаркотикатә маҭәашьар згәылаз даҽа еилаҳәарак рыԥшааит Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан Амиран Ҭраԥшь иҭел ианыз афотосахьақәа рыла еилкаахаз акоординатқәа рыла аԥшаарақәа рымҩаԥгараан.
Елена Черновеи Амиран Ҭраԥшьи ирымхыз анаркотикатә маҭәашьар «метадон» азеиԥш капан 498 грамм рҟынӡа инаӡоит.
Елена Черновеи Амиран Ҭраԥшьи рганахьала ашьаусеилыргара мҩаԥнагоит Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша аусеилыргаратә хәҭа.






