АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Ԥхынҷкәын.2025

Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла аконкурс «Сыԥсҭазаара зегьы ҵакыс иамоу — Аԥсны ахакәиҭра ауп» аихшьаалақәа ҟаҵоуп.

Аҟәа.  Ԥхынҷкәынмза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынҷкәынмза 29 рзы Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба диижьҭеит 80 - шықәса аҵра иазкны имҩаԥгаз Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла аконкурс «Сыԥсҭазаара зегьы ҵакыс иамоу —Аԥсны ахакәиҭра ауп» аҿы аиааира згаз аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа мҩаԥысит.

Ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг иажәақәа рыла занӡа аконкурс ахь инаган 30 усумҭа. Урҭ рахьынтә иалкаахеит 12 ажурналисттә материалқәа.

Иара Аԥсны Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба диижьҭеит 80 - шықәса аҵра иазку аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи рзы Аҳәынҭқарратә комиссиа алахәылацәа ажурналистцәа Реидгыла аконкурс аԥхьахәтә фонд 150 нызықь мааҭ рыла ашьҭыхра азы иҟааҵаз ажәалагала иахьадгылаз азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Уи иабзоураны аконкурс аӡбаҩцәа ареитинг материалқәа зегьы ралкааразы алшара роуит.   

Руслан Ҳашыг иара убас аконкурс ахь ицәыргаз аусумҭақәа рәыԥхьаӡараҿы уаанӡа ауаажәларра ирзымдыруаз, акыр аинтересс зҵоу аҭоурыхқәа зныԥшуа аусумҭақәа ыҟоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

Иара аконкурс «Смысл всей моей жизни - свобода Апсны» аҿы аиааира згаз зегьы дрыдныҳәалеит, аринахысгьы арҿиаратә қәҿиарақәа рзеиӷьаишьеит.

Арҿиаратә конкурс аихшьаалақәа:  

Ателехәаԥшра

Актәи апремиа анашьахеит ателефильм «Ԥсҭазаарас иҟоу – ԥсадгьылуп» («Жизнь – это родина»). Ателееилахәыра «Абаза- ТВ». Авторцәа – Семион Пегов, Руслан Ҳашыг, Лиана Ебжьноу,  Марианна Котова.

Аҩбатәи апремиа анашьахеит Владислав Арӡынба Ҭырқәтәылаҟа ицара аҭоурых иазку ателеочерк  «В.Г. Арӡынба 1992 шықәсазы Ҭырқәтәыла иҭаара аҭоурых» («История визита В.Г. Ардзинба в Турцию в  1992 году»). Ателееилахәыра «Абаза-ТВ». Автор Матуа Фаина, арежиссиор Виола Кәыкәысқьыр.

Ахԥатәи апремиа анашьахеит инеиҵыху ателерепортаж «Абри аҩнаҿы идирҿион ҳаамҭазтәи Аԥсны аҭоурых» («Дом, где творилась современная история Абхазии»). Аԥсуа телехәаԥшра (АГТРК). Автор Елена Лолуа.

Иара убас ахԥатәи апремиа иаԥсахеит ателеочерк «Аамҭа иаламӡуа ахьӡ». («Бессмертное имя»). Гагратәи АТ. Автор Саида Жьиба.

Акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа

Актәи апремиа иалауреатхеит:

Владимир Занҭариа – Агазеҭ «Республика Абхазия» аҿы икьыԥхьыз  Ареспублика Аԥсны Актәи Ахада В.Г. Арӡынба Владислав Арӡынба изку агәалашәарақәа рцикл азы.

Марина Тәанба – агазеҭ «Аԥсны» аҿы икьыԥхьыз астатиа «Агәалашәарақәеи агәхьаагареи» («Воспоминания о первом Президенте Республики Абхазия В.Г.Ардзинба») азы.

Русудан Барганџьиа – агазеҭ «Республика Абхазия» аҿы икьыԥхьыз Аԥсны Актәи Ахада имаӡаныҟәгаҩ Владислав Арӡынба изкыу лгәалашәарақәа рыла апублицистикатә материалқәа «Наш незыблемый щит», «Символ страны души» азы.

Аҩбатәи апремиа иалауреатхеит:

Лилиана Иаковлева – агазеҭ «Республика Абхазия» аҿы икьыԥхьыз аинтервиу «Самое страшное, я надеюсь, у нас позади».

Заира Ҵәыџьба – агазеҭ «Республика Абхазия» аҿы икьыԥхьыз астатиа «Цветы для президента».

Гәыгәыца Џьыкырба – агазет «Аԥсны» аҿы икьыԥхьыз аочерк «2025-тәи ашықәс –В.Г.Арӡынба ишықәс» («2025-ый - год В. Г. Ардзинба»).

Анформациатә маҵзуцрақәеи арадиои

Аконкурс апремиақәа ранашьахеит:

Лана Ҵәыџьба – Ареспублика аинформациатә маҵзура «Аԥсныпресс» асаит аҿы икьыԥхьыз Ареспублика Аԥсны Актәи Ахада ицхырааҩ Асҭамыр Ҭаниа иҿцәажәара «Сара сзы Владислав Арӡынба – зегьы раасҭа ихадоу рҵаҩуп» («Для меня Владислав Ардзинба - самый главный учитель») азы. 

Џьубеи Ебжьноу – Аԥсуа радио аефир ала ицаз Ареспублика Аԥсны Актәи Ахада В.Г. Арӡынба ихатәы хьчара аиҳабы Витали Бганба иҿцәажәара азы.

 

 

 

 


Read 58 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.