Аминистр ҷыдала ахшыҩзышьҭра аиҭеит арегионқәа адгылара рыҭара. Уи аԥсуа қыҭақәа ажәлар ркультуратәи рдоуҳатәи аҷыдаҟазшьа злашьақәгылоу ауасхырны иҟоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иажәақәа рыла, ақыҭатә инфраструктура ахь аҳәынҭқарратә нвестициақәа ралагалара уажәгьы раԥхьатәи аеффект аанарԥшуа иалагахьеит, икьаҿуи ибжьаратәуи аперспектива аҿы уи ақыҭатә ҵакырақәа иҭышәынтәалоу рыҿиара ахь икылнагоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба инашьҭымҭа дахцәажәо аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц иара убас Аҳәынҭқарра Ахада иаликааз ахырхарҭақәа (аориентирқәа) адипломатиатә усураҿы анагӡара иалагахьеит ҳәа иазгәеиҭеит.
Аҷыдалкаатә ҟазшьа амоуп Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара астратегиатә еизыҟазаашьақәа рыҿиара: Сергеи Лавров ҩынтә иԥыларақәа рылҵшәақәа аусеицуразы иҿыцу алшарақәа аԥырҵоит.
2026 шықәсазы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иҿыцу арегионқәа рҿы аглобалтә инициативақәа рынагӡарала жәларбжьаратәи аусура аҳәаақәа рырҭбаара азԥхьагәаҭаны иамоуп. Ари аусура ахықәкы хаданы иҟоуп – Аԥсны жәларбжьаратәи аилазаара ззин наӡоу алахәыла аҳасабала астатус арӷәӷәара.






