АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 5:15

Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран луада еиҭашьақәыргылахоит.

Аҟәа.  Ажьырныҳәамза 12, 2026 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион Ахадара Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Евдокиа Котлиарова луада аиҭашьақәыргылара иалагеит.

Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Цышба Аԥсныпресс ахь иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ахарџьынҵа еиқәыршәоуп, аусурақәа хацыркуп. Уажәы иблыз ауаҭахқәа рҿы арыцқьаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.

«Ари азҵаара Гагра араион Ахадара ахылаԥшра аҵаҟа иҟоуп», - ҳәа иҳәеит Адамыр Цышба.

Евдокиа Котлиарова лԥа, Владимир Котлиаров уажәы дара ргәылацәа рҿы аамҭала ахыҵакырҭа рыԥшааит ҳәа иҳәеит. «Ҳгәылацәа аамҭала ҳрыдыркылеит. Ҳара даҳҭааит ақалақьтә нхамҩа аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Алиас Ажьиба, уи иахәҭоу ашәарақәа ҟаиҵеит», – ҳәа иҳәеит Владимир Котлиаров.  

Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Евдокиа Котлиарова Гагра ақалақь аҿы иҟоу луада амца акит ажьырныҳәамза 11 рзы. Гагра ақалақь, Абазгаа рымҩала игылоу хә-еихагылакны иҟоу аҩны аҿы иҟалаз амцакра аанкылан, аиқәырхаҩцәа атәанчаҩԥҳәыси агәылара иҟаз ауадақәа ҩба рҿы инхоз ауааи ревакуациа мҩаԥыргеит. Урҭ рыбжьара иҟан ҩыџьа ахәыҷқәагьы.  

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба аветеран аамҭала дахьынхаша ала леиқәыршәара, иара убас луада араион абиуџьет ахарџь ала аиҭашьақәыргыларазы адҵа ҟаиҵеит.


Read 38 times - Ашәахьа, 12 Ажьырныҳәа 2026 19:02
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.