АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 19:34

Апроект «Аԥсны амедиа ҿыцқәа» ажурналистцәа ҿарацәа рзы алшара бзиақәа аԥнаҵоит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа амасса-информациатә хархәагақәа рымадаразы аҟәша аиҳабы Алхас Ҷолокәуа «Аԥсныпресс» иаиҭаз аинтервиу аҿы апроект «Аԥсны амедиа ҽыцқәа» аҿиара шымҩаԥысуа атәы далацәажәеит.

Апроект иалнаршоит ажурналистцәеи атәыла аблогерцәеи Урыстәылатәи рколлегацәа рԥышәа рымырдарц. Аекспертцәа хаҭала иахьрымадоу алахәылацәа рзанааҭтә дырра еизнарҳауеит. Иаҳҳәап, ааигәа Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Мариа Захарова лԥылара мҩаԥган.

Ҷолокәуа иазгәеиҭеит аԥсуа журналистцәа рзанааҭдырра аҩаӡара шыҳаракыз. Аха иҿыцу аамҭа, иҿыцу азнеишьақәа аҭахуп, иактуалтәу амыругақәа ахархәара рымазароуп.

«Ауаажәларра ҿиацыԥхьаӡа иҿыцу аметодқәеи азнеишьақәеи цәырҵуеит, ҳаргьы уи ҳхы иаҳархәалароуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Аусбарҭа анапхгаҩы игәаанагарала, атәыла амедиатә хырхарҭа аҿиара иаҿуп, уи аусура ахаҭабзиара еиӷьнатәуеит.


Read 206 times - Ахаша, 28 Ажьырныҳәа 2026 15:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.