Аԥсны Жәлар Реизараҿы
Аԥсны Жәлар Реизараҿы актәи аԥхьарала ирыдыркылеит аусӡбарақәа рзы аҳәынҭқарратә баџь ашәага-зага зыԥсахуа азакәан апроект.
Аиҭакрақәа ирыҵаркуеит ахатәмал азин азхаҵара, аргыламҭақәа рықәгаразы, мамзаргьы урҭ ишьақәыргылоу аԥҟарақәа ирықәшәо аҟаҵаразы ауааԥсыра рзыҳәарақәа.
Азакәанпроект ҿыц ала, ауааԥсыра рзы аҳәынҭқарратә баџь иартәоит 2000 мааҭ, хаҭалатәи анападкылаҩцәа рзы – 3000 мааҭ, аиуристтә хаҿқәа рзы акәзар – 6000 мааҭ.
Аиҭакрақәа рызкуп имазаратәым аимакқәа ирымадоу аусӡбарақәа рыхәаԥшра армариара.
Иара убас, Жәлар Реизара адепутатцәа актәи аԥхьарала ашәахтә система иаҵанакуа азакәанԥҵаразы аиҭакрақәа рыдыркылеит. Ихадоу аҿыцаԥшьгарақәа ируакуп 15 % инаркны 25 % аҟынӡа баџьда ихәаахәҭуа адәқьанқәа рзы ахашәала иақәу ашәахтә азырҳаразы ажәалагала.
Жәлар Реизараҿы Ахада ихаҭарнак ҷыда Дмитри Шамба иажәақәа рыла, азакәанпроект амч анаиулак ашьҭахь иазԥшуп аҳәынҭқарратә биуџьет иаланагалап ҳәа 100 миллион мааҭ.
«Аиҭакра хада иаҵанакуа ахашәалазы ашәахтә ауп. Ашәахтә ашьаҭатә шәага-зага иартәоит 18 %, аха баџьда ихәаахәҭуа адәқьанқәа рзы уаанӡа ишьақәыргылан еиҵоу ашәага-зага – 15 %.Шьҭа ажәалагала ҟаҵоуп уи 25 % рҟнӡа иазырҳахарц», – идеилиркааит Шамба.
Абри инаваргыланы, азакәан апроект аҟны иарбаӡам амазаразы ашәахтә ашәара аҟнытә зхы иақәиҭтәу асубиектқәа реиқәыԥхьаӡаҿы аинвестициатә фондқәа.
Абасала, Аԥсны иахьаҵанакуа иаԥҵоу аинвестициатә фондқәа рмазара ашәахтә ақәырҵалоит.






