Аҩнусбарҭа № 5 аиҳабы Ахра Кәыҵниа иажәақәа рыла, ашколқәранӡатәи аусбарҭа ауаа рацәа ахьынхо аҳаблаҿы ихымԥадатәиуп, ахәыҷқәа аҵаразы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа зегьы рзаԥҵахоит.
06.Жәабран.2026
Аҟәа, Аҳабла Ҿыц аҿы ахәыҷбаҳча еиҭашьақәыргылахоит
Аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба инапынҵала, иахьа игәыгәҭажьу, аха акыр шықәса раԥхьа ахәыҷбаҳча ахьыҟаз ахыбра арыцқьара иаҿуп, абри атәы иҳәеит Аҟәа Ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе.






