11.Жәабран.2026
Жәабранмза 10 рзы 101 шықәса ихыҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеран Алексеи Еқәыԥ-иԥа Лашәриа
Абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура.
Аиубилиар идныҳәаларазы инеит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭеи «Москва Аҩни» рхаҭарнакцәа.
Сурманиӡе аиубилиар дидныҳәалеит Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба иҟынтәи аԥаратә ҳамҭа ииҭеит (50 нызқь мааҭ).






