АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 22:25

С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә драматә театр агастрольқәа рахь Нхыҵ Уаԥстәылаҟа ицеит

Урҭ мҩаԥысуеит 95-тәи аиубилеитә сезон аҳәаақәа ирҭагӡаны, жәабранмза 11 инаркны 13-нӡа.

Цәыббрамзазы В.В. Тхапсаев ихьӡ зху Нхыҵ Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә академиатә театр Аԥсныҟа иаараны иҟоуп. Абри атәы аалыцҳауеит аԥсуа театр анапхгаҩы Хьыбла Мықәба.

«Аԥсуааи ауаԥсқәеи ртеатрқәа рыбжьара акультуратә еиқәшаҳаҭра рыбжьоуп. Насыԥ ҳамоуп ҳәа исыԥхьаӡоит 2026 шықәсазы раԥхьатәи ҳгастрольқәа Владикавказ ала ҳахьалаго», - ҳәа азгәалҭеит Мықәба.

Арежиссиор Мадина Аргәын илҳәеит агастроль апрограмма аиқәыршәараан ҷыдала ахшыҩзышьҭра шарҭаз арепертуар.

«Ҳара иаҳҭахын ҳрепертуар еиуеиԥшым ажанрқәа рыла ишьақәҳаргыларц. Хьыбла Леонид-иԥҳаи сареи иҳаӡбеит ахәаԥшцәа идҳарбарц акомедиеи, аклассикатә драмеи, ҳаԥсуаа рыбзазареи аазырԥшуа аспектакльқәа», - лҳәеит лара.


Read 34 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.