Аԥсны анапхгареи Урыстәыла аекономикатә ҿиара аделегациеи аҳаирбаӷәаза иахәаԥшит, уи анаҩстәи аҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит.
28.Жәабран.2026
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Максим Решетников диԥылеит
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба В. Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза «Аҟәа» аҿы дырԥылеит Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников зхадараҿы дыҟоу аделегациа ахаҭарнакцәа.






