Аладатәи Ешыра иҟоу амемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Жәлар Реизара адепутатцәа, Атәыла анапхгара, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
сегодня 15:33
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба имемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит
Иахьа Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба игәалашәара иамшуп. Уи иԥсҭазаара далҵит 2010 шықәса, хәажәкырамза 4 рзы.






