АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 19:28

Аҳәынҭқарратә хортә капелла аконцерт мҩаԥнагеит Гәдоуҭа, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи аҿы

Аусмҩаԥгатә азкын 1993 шықәса хәажәкырамзазтәи ажәылараан иҭахаз афырхацәа ргәалашәара.

Агәалашәаратә хәылԥазы аадыртит минуҭктәи аҿымҭрала. Асахьаркыратә напхгаҩы, адирижиор Нодар Ҷанба напхгара зиҭоз апрограмма иагәылан аԥсуеи адунеитәи классикеи ирыҵаркуа арҿиамҭақәа жәаба. Иаҳҳәап: Ave Maria, Panis Angelicus, Pie Jesu, Lacrimosa, «Ацқьа Мариа», «Шьишь нани», «Ахәра ашәа»,«Вокализ», «Хорал». Асола нарыгӡеит Нана Черқьезиа, Елена Анқәаб, Альдона Ҵкәуа.

Агәалашәаратә усмҩаԥгатә аҳәаа иҭагӡаны амузеи аҿы еиҿыркааит иҭахаз аибашьцәа рыуацәеи аветеранцәеи реиԥылара. Уи инаваргыланы иаатит хәажәкырамзазтәи ажәылараан иҭахаз Аԥсны ахьчаҩцәа 222-ҩык зныз афотоцәыргақәҵа «Аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз афырхацәа» захьӡу. Ацәыргақәҵа аҭааҩцәа рзы иаартызаауеит хәажәкырамза нҵәаанӡа.

Гәдоуҭа араион ахада Асҭамыр Аргәын акапелла адиректор Хьыбла Возбеи, амаестро Нодар Ҷанбеи, акапелла аколлективи имҩаԥыргаз аконцерт азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, иазгәеиҭеит ас еиԥш иҟоу акультура-мемориалтә акциақәа рымҩаԥгара аҵак ҷыда шамоу.


Read 37 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.