АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 23:41

Аԥсны аенергетикатә система аусура иазкыз аиԥылара мҩаԥигеит аԥыза-министр Владимир Делба

Аиԥылараҿы ирылацәажәан ахатәы фымцалашарахь ҳаиасаанӡа иаанхаз аамҭа маҷ иманшәаланы ахысразы имҩаԥгатәу ауснагӡатәқәа ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.

Егрытәи аӡфымцатә станциа аресурсқәа реиҷаҳара хықәкыс иҟаҵаны 2025 шықәса нанҳәамза инаркны ԥхынҷкәынмзанӡа «Амшынеиқәафымцамч» ахархәагақәа рыла иаахәан 540,7 млн мааҭ рыхә акоммерциатә фымцамч, анаҩс ахархәара аҭан Урыстәылантәи асоциалтә фымцамч.

Аенергетика аминистр Баҭал Мышәба аԥыза-министр адырра ииҭеит афымцамч гәазҭо амыругақәа рышьақәыргыларазы аусмҩаԥгатәқәа шымҩаԥысуа, дазааҭгылеит атәыла ахада иқәиргылаз адҵақәа ҳасаб рзуны апрограмма анагӡаразы ԥхьаҟатәи агәҭакқәа ртәы.

Аиԥылараҿы иалахәын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, аенергетика аминистр Баҭал Мышәба, афинансқәа рминистр Саид Гәбаз,«Амшынеиқәафымцамч» адиректор хада Ҭемыр Џьынџьал.


Read 17 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.