АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Жьҭаара.2022

УРЫСТӘЫЛА АСТАТИСТИКА АЗЫ АФЕДЕРАЛТӘ МАҴЗУРА АԤСНЫ АСТАТИСТИКА АЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ЕИЛАКЫ АБЖЬГАРАТӘИИ АМЕТОДИКАТӘИ АЦХЫРААРА АҬАРА ИАЛАГОИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны астатистика азы Аҳәынҭқарратә еилакы анапхгараҭара алархәны аусуратә еиԥылара мҩаԥигеит, аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Кама Гогиа жьҭаарамза 19 рзы Москваҟа лусуратә ҭаара алҵшәақәа ртәы далацәажәеит, иара убас знапаҵыҩра мҩаԥысыз 2022-2024 шш. Аԥсны астатистика азы аҳәынҭқарратә Еилаки Урыстәыла аҳәынҭқарратә статистика азы афедералтә Маҵзуреи рыла еицымҩаԥгахо аусмҩаԥгатәқәа Рыплан атәы еиҭалҳәеит.  

Урыстәылатәи рколлегацәа рыҽцәажәарақәа ахәшьара ҳарак аҭо, Аԥсны астатистика азы аҳәынҭқаррратә Еилакы ахантәаҩы иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа инарҭбааны дрылацәажәеит.

Зегьы раԥхьаӡа иргыланы урҭ иреиуоуп:

Урыстәыла аҳәынҭқарратә статистика азы афедералтә Маҵзура Урыстәылатәи Афедерациа аҿы аофициалтә статистикатә ҳасабрбара азҵаарақәа рзы азакәанԥҵаратәии анормативтәии ашәҟәынҵақәа рыла аинформациатә еиқәыршәара аҿы ацхыраара аҭара,

аинформатизациеи автоматизациеи ирыдҳәалоу апроцессқәа аметодикатә еиқәыршәареи аҳасабеилыргаратәии астатистикатәи аҳасабырбара апрограматә еиқәыршәареи,

ақыҭанхамҩатә шәҟәҭагалареи ауааԥсыра ашәҟәы рынҵареи, иара убас еиужьуи иалкаауи астатистикатә ҭҵаарақәеи рзы аконсультациақәа рымҩаԥгара.

Иара убас, урыстәылатәи аколлегацәа, знапаҵыҩра мҩаԥгаз Аплан инақәыршәаны, хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа, ахәаахәҭра астатистика, аџьармыкьатә маҵзурақәа, атранспорт, уҳәа рыстатистикатә ҳасабырбара азҵаарақәа рыла аконсультациатә цхыраара ҟарҵалоит.

Аԥыза-министр ахылаԥшырҭа анапхгараҭара Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҳәынҭқарратә Еилакы, аминистррақәа, ахылаԥшырҭақәа, аиҳарак ала акурорттә усхкы иадҳәалоу астатистикатә дыррақәа рыҵабыргреи астатистикатә рбагақәа рҿы иҟоу агхақәа рыриашареи рганахьала иҟаиҵаз азгәаҭарақәа ҳасаб азуны иааизакны иҟоу аԥышәа ду ахархәарала амилаҭтә статистика аҭагылазаашьа арҽеира ахшыҩзышьҭра ду арҭарц инаҵшьны иазгәеиҭеит.

 


Read 370 times - Аҩаша, 25 Жьҭаара 2022 16:42
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.