АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 15:47

Владимир Делба Аԥсны иҟоу Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесова дылԥылеит

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны ахәаахәҭра-економикатә усеицуреи, иара убас аекономика аганахьала ҩ-ганктәи аусеицуразы акрызҵазкуа аспектқәа жәпаки ирылацәажәеит аиԥылараҿы.

Иара убасгьы иалацәажәан 2026 шықәса мшаԥымза 2-4 рзы Аҟәа имҩаԥысраны иҟоу раԥхьатәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум «Аԥсны уаҵәтәи амш азы аинвестициақәа» амҩаԥгара аҽазыҟаҵара иадҳәалоу азҵаарақәа.


Read 90 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.