Имҩаԥысраны иҟоу афорум ҳтәыла аекономикатә политика иацнаҵоит», – иҳәеит Делба.
Иара иажәақәа рыла, афорум ахықәкы хадақәа иреиуоуп Аԥсны аинвестициатә лшара аарԥшра, адәныҟатәи алахәылаҩцәеи ҳареи ҳусуратә еимадарақәа рырӷәӷәара, аусутә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы иалкаау амеханизмқәа аус рыдулара, атәыла аекономикахь ишиашоу аинвестициақәа ралагалара.






