АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 0:40

Мшаԥымза 1 инаркны Аԥсны ауааԥсыра рзы амчра аиуеит афымцамч ахәԥҵәа ҿыцқәа

Ишьақәыргылахоит анаҩстәи ахәԥҵәақәа:

фазак зхы иахырхәо абонентцәа рзы — 2,0 мааҭ 1 кВт·с азы;
х-фазак зхы иазырхәо абонентцәа рзы-2,7 мааҭ 1 кВт·с азы.

Амшынеиқәафымцамч ауааԥсыра иргәаланаршәоит, Аԥсны Ахада инапынҵала Аминистрцәа Реилазаара ахәԥҵәа ашьҭыхра аамҭала ишааныркылаз.

Иарбоу асоциалтә дгылара аус ауан аӡын, амчхарасистема ақәыӷәӷәара анырацәаз атәылауаа рфинанстә еидара аларҟәразы.


Read 72 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.