АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 1:13

Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои русуратә еиԥылара мҩаԥысит

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои аусуратә еиԥылара мҩаԥыргеит В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза аҭоурыхтә терминал аҿы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.

Бадра Гәынба Урыстәыла ахада Владимир Путин иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аартреи Аԥсны аҿиараҿы иҟаиҵо ацхраареи рзы.

«Ари ииашаҵәҟьаны иҿыцу етапуп, Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Владимир-иԥа Путин ибзоурала ҳтәыла аҿиара аера ҿыц иануп. Издыруеит шәара ишәыцны хыԥхьаӡара рацәала аекспертцәа, абизнесуаа, арегионқәа рнапхгаҩцәа шааз. Арҭ аимадарақәа ҳтәылақәа реизыҟазаашьа арӷәӷәаразы акырӡа рыҵанакуеит», - иҳәеит Бадра Гәынба.

Аиԥылараҿы иазааҭгылеит Аԥсни Урыстәылеи русеицура ахырхарҭа хадақәа, асоциалтә, аекономикатә, аинфраструктуратә усхкқәа рҟны еицырзеиԥшу апроектқәа рынагӡарагьы налаҵаны. Ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа динамикала рыҿиара шымҩаԥысуа шьақәнарӷәӷәоит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иҳауа алҵшәақәа.

«Владимир Владимир-иԥа ахылаԥшра аиҭоит Урыстәылеи Аԥсни русеицура аҿиара. Шықәсык ҵит шәара Аԥсны хадас шәалырхижьҭеи. Уи иалагӡаны зҽызыԥсахыз даара ирацәоуп, аха макьана амҩа ду ҳаԥхьаҟа ишьҭоуп. Зымҽхак ҭбаау аиҭакрақәа уажәоуп ианалаго», - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аиԥылараҿы Сергеи Кириенко.

Аганқәа агәрагара аадырԥшит арҭ амшқәа рзы Аԥсны имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи аекономикатә форум алҵшәақәа унырыртә ишыҟало азы.


Read 58 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.