Афорум апрограмма шьақәгылоуп аартра амш аҽни аихшьалақәа рыҟаҵараани апленартә еилатәарақәа рыла, иара убас имҩаԥгахоит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ахырхарҭа хадақәа рыла астол гьежьқәа фба. Астол гьежьқәа ртематика абас еиԥш ишьақәгылоуп: «Аинвестициатә усура адгылара аҭараҿы аҳәынҭқарра иааннакыло аҭыԥ», «Ақыҭанхамҩа аҿиара», «Атуризм аекономика зырҿио хырхарҭак аҳасабала», «Аҳаиреимадара аҿиара ԥхьаҟатәи аԥеиԥши атранспорттә инфраструктуреи аекономика аҿиараҿы иҟарҵо анырра», «Аӡахәааӡареи аҩыҟаҵареи рыҿиара атрадициақәа рԥеиԥш», «Акреативтә индустриақәа ҳаамҭазтәи аекономикаҿы иҟарҵо анырра».
сегодня 16:25
Иахьа Аҟәа иаатуеит I Жәларбжьаратәи аекономикатә форум
Афорум мҩаԥысуеит аекономикатә усеицура аҿиареи, ареспублика аинвестициатә лшарақәа рырӷәӷәареи, аинвестициақәа радыԥхьалареи, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟаекономикатә еимадарақәа рырҭбаареи хықәкыс иҟаҵаны.






