Асасцәа дахьқәа ахшыҩзышьҭра арҭеит адизаинер ҿарацәа рцәыргақәҵа. Урҭ ирыдыргалеит аԥсуа традициатә мотивқәеи ҳаамҭазтәи аҿыцрақәеи ахьеицааиуа амилаҭтә маҭәа.
Апроектқәа равторцәа еиҭарҳәеит аескизқәа раԥҵара аҭоурыхи аматериалқәа аус рыдуларазы акы иаламҩашьо атехникақәеи ртәы.
Ацәыргақәҵа агәаҭараан Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои аҭыԥантәи аарыхыҩцәа раалыҵ иахәаԥшит, хаҭала аԥснытәи анаплакқәа ртауарқәа гәарҭеит, урҭ рхаҭабзиара шыҳараку, ргьама шыхаау азгәарҭеит.






